Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа ирыцҵоуп ажьырныҳәа 12-нӡа

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәаразы иназыцҵоу аԥкрақәа ралагаларазы адҵа инапы аҵаҩын жьҭаара 13 рзы, урҭ рыҿҳәара нҵәон абҵара 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵеиҩит. Уи инақәыршәаны аԥкырақәа рыҿҳәара инахахоит 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Аусдҵа анапы аҵаҩуп Акоординациатә штаб 2020 шықәса абҵара 20 азтәи аӡбра шьаҭас иҟаҵаны.

Аусдҵа ҿыц инақәыршәаны ареспубликаҿы 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа азин ыҟам:

  • Ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи еиҿкаарақәа русура урҭ реиҿкаара-зинтә формеи рхатәтәратә формеи ирыхьмырԥшыкәа;
  • Амассатә спорттә, агәмырҿыӷьгатә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа иарку аҭыԥқәа рҿы рымҩаԥгара;
  • Акультуратә усҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа) русура;
  • Афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатәбассеинқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура;
  • Арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура;
  • Акомпиутортә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа;

Ауааԥсыра ирабыжьгоуп ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан ахыхьчаратә хархәагақәа ах рархәара, аԥсрақәеи аԥсхәрақәеи ирылахәу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара рырмаҷра, аныҳәақәа раан акульттә обиектқәа (аҵакырақәа) рҟны ауаа рырмаҷра.

Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны акоронавирус аплато ахь ицәырҵит

Абри аамҭазы икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц ажьырныҳәа 12 2021 шықәсанӡа рулафахәы рызныжьны.

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҟны афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа рҟны апрофилактикатә рзҩыдара мҩаԥгалатәуп.

Араионқәа рхадарақәа еиҿыркаароуп есыҽнтәи арзҩыдаратә усурақәа ауаажәларратә транспорт аҿы, атранспорт арныҟәцаҩцәа асабрадақәа рҿазароуп, амедицинатә напхаҵақәа ныҟәыргозароуп. Иара убасгьы иҟалом ахыхьчага зхы иазмырхәо апассаџьырцәа рныҟәгара.

Ауаажәларратә крыфарҭақәа ирабыжьгоуп робиектқәа ртәарҭақәа 50 процент рхы иархәаны атәылауаа рымаҵура иазку аишәақәа рыбжьара асоциалтә дистанциа (1,5 метра) рыбжьаҵарац, амаҵ зуа аусуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарҧақәеи) рхархәаразы аҭаххарақәа ирықәныҟәаларазы.