Чачхалиа афымцалараша арцәараан "Ачабаба" аусуразы: ас ицалар, ҳусқәа цәгьахоит
© Sputnik
"Иахьа ҳтехника зегьы убас еибаркуп лашарада ача ҳзыӡуам, ҳҭагылазаашьа уадаҩуп уи ада. Адизель акәзар абылтәы рацәаны иафоит, иаҳбылуеит 250 литра рҟынӡа мышкы. Ажәлар ача рҭахуп, уи ахә ҳара иаҳзацҵаӡом, избанзар азакәан ҳақәныҟәоит, ус еиԥш азин ҳамаӡам. Ауаа ача рыгҳажьуам, иҟоу ауадаҩра аиҳабыра ирыӡбозар акәхап, избанзар ас ицалар, ҳусқәа цәгьахоит", - иҳәеит Чачхалиа.
Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.