Арадио

Табаӷәуа амаинингтә фермақәа русуразы: уаҩҵас аус дырузар, афымцамч шьақәдыргылон

Жәлар реизара адепутата Баҭал Табаӷәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амаинингтә фермақәа русура аанкыларазы ирыдыркылаз ақәҵара амч аиуны иҟалоит ҳәа зыимԥхьаӡо.
Sputnik
Табаӷәуа амаинингтә фермақәа русуразы: уаҩҵас аус дырузар, афымцамч шьақәдыргылон

Жәлар реизара адепутатцәа реилатәараҟны абҵара 23 рзы ақәҵара рыдыркылеит апарламенттә зыӡырҩырақәа инарықәыршәаны, иҟаҵаз абжьгарақәа ҳасаб рзуны "Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны акриптоԥара амаининг азыҟарымҵарц аҳәынҭқарра афымцамчхара ахархәарала". Ақәҵараҿы иазгәаҭоуп, Аԥсны аминистрцәа реилазаара абжьгара рыҭазарц ареспубликахь амаинингкәа ралаглара мап ацәкызарц Егрытәи афымцастанциа аиҭашьақәыргылара хыркәшахаанӡа. "Амшынекәафымцамч" иабжьгоуп амаинингкәа русура аанкыларазы, ахылаԥшра арҭарц. Аекономика аминистррахь ажәалагала ҟаҵоуп амаининг анормативтә – зинтә аҳәаакәҵаразы азакәан апроект аԥсахракәа ралагалараз, акриптоволиута ахархәара алицензиа змам ахкқәа рхыԥхьаӡаларазы. Акәҵара амч аиуеит ианрыдыркылалак инаркны.

Аԥсны Апарламент: ЕгрыГЕС аҟны аусурақәа хыркәшахаанӡа амаининг ахархәара азин ԥкызарц

"Сгәаанагарала иахьа уи аҩыза аҭагылазаашьа ыҟам иҳадаҳкылаз адкыларазы, избанзар аекономика аминистр, "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы апарламент аҟны ирҳәеит иҟоу аҭагылазаашьа аӡбара ишаҿу. Ҳара иҳадаҳкылаз ақәҵарала ҳгәаанагара ауп иаҳҳәаз, азин ҳамаӡам абри –абри ҟашәҵа ҳәа рыдҵара. Сара уи азы сыбжьы сымҭиӡеит. Сгәаанагарала иахьатәи аҭагылазаашьа ӡбатәуп. Ҩышықәса раԥхьа азакәан ҳадаҳкылеит Аԥсны иҟоу афымцамч аҳәынҭқарра иатәны иҟазарц, уи удыукылоит, аха убри аан ус иаанхарц азы аекономика ыҟазароуп излалуршо. Ҵыԥх декабр азы апарламент аҟны ақьаад ҳауит усҟантәи аҳәынҭқарра ахада инапы аҵаҩны, иҟан аекономика аминистри усҟантәи "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩи ргәаанагара, ҳалацәажәон ари аҭагылазаашьа. Уаҟа ианын амаининг иаҿу ииашаны ашәахтәқәа рылгара шыҟалаша, ақьаадқәа ишахәҭоу иҟаҵатәын, аха уи азакәан макьана иҳадҳамкылацт", - иҳәеит Табаӷәуа.

Иара убасгьы афымцамч иахьатәи аҭагылазаашьа дазааҭгыло иазгәеиҭеит, иахьазы иажәу афымцацәаҳәақәа, атрансформаторқәа ирыхҟьаны 20-30 процент рҟынӡа "афымцалашара амҩан иӡуеит" ҳәа. Амаинингқәа русура иахҭныҵуа ала афымцамч иаҭаху амаҭәахәқәа рыԥсахырц.

"Урҭ уаҩҵас ухы иаурхәар 30 инаркны 50 миллион рҟынӡа аԥара мызкы аҳәынҭқарра иаиур алшоит", -иҳәеит Табаӷәуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: