Венесуелеи Урыстәылеи рҳаиртә еимадара хацдыркит

Венесуела аҳаиртә еимадара хацнаркит атәылақәа: Боливиа, Мексика, Доминикана, Иран, Панама, Ҭырқәтәыла рахьгьы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Абҵара 23 рзы Венесуелеи Урыстәылеи рҳаиртә еимадара хацдыркит ҳәа аанацҳауеит атәыла аграждантә авиациа амаҵзура.

"Аграждантә авиациа амаҵзура адырра ҟанаҵоит Урыстәылеи Боливиеи рахь акоммерциатә реисқәа ишрылаго азы", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Венесуелатәи аҳәынҭқарратәи авиаеилахәыра Conviasa асаит аҿы иарбоуп Москватәи ахырхарҭа, аха абҵареи ԥхынҷкәыни рзы абилеҭқәа ыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: