Аԥсны афымцалашара арцәара аграфик ркьаҿуп

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалан абҵара 15 рзы. Аханатә ҩба-ҩба сааҭ
Sputnik

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынтәи ҩ-сааҭк рҟынӡа иркьаҿуп абҵара 26 инаркны ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Атәыла афымццамчсистема аидара аҵхра алыршахеит закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуаз аҭыԥқәа раарԥшра ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аграфик ҿыц азинмчра аиуеит абҵара 26 асааҭ 0.00 инаркны.

Закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽаԥшьрақәа раарԥшразы акомиссиа аусура ԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.