АҞӘА, абҵара 25- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 269-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 90-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы иԥсҭазаара далҵит 70 шықәса ирҭагылаз ахаҵа. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 2 рзы акоронавирус ицәа иаланы. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит игәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны абҵара 25 ауха.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 31-ҩык апациентцәа, хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 75-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 56-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ҩык.
Амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа. 29-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>