Урыстәылатәи аруаа Аԥсны аҭынчреиҿкааҩ Имш азгәарҭеит

Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩ Имш азгәарҭоит абҵара 25 рзы 2016 шықәса раахыс. Абҵара 25, 1973 шықәсазы асовет офицарцәа раԥхьаӡа акәны ООН аҭынчреиҿкааҩцәа ирывагыланы Мрагылара Ааигәа аҭынчреиҿкааратә операциа иалахәхеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ арратә база аҭынчреиҿкааҩцәа Рымш азгәарҭеит ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

"Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҭынчра ашьақәыргыларазы ианаамҭаз иахәҭаз аоперативтә уснагӡатәқәа рыдкыланы рхықәкы нарыгӡеит. Аԥсны арратә мчрақәеи дареи еивагыланы иаԥырҵеит аҭынчреи ашәарҭадареи алзыршаз аҭагылазаашьа", - иҳәеит аныҳәатә уснагӡатә аҿы  ареидҵа ркомандир, аполковник Олег Сеньков.

1994-2008 шықәсқәа рзы  аҭынчреиҿкааҩцәа  рконтингент злашьақәгылаз  Урыстәылатәи арбџьар мычқәа рыруаа рымацара ракәын.

Иахьа Аԥсны игыло арратә база ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи абџьари рыла еиқәыршәоуп.

Урыстәылатәи аруаа иахь рнапынҵақәа нарыгӡоит Ашьха Ҟарабах аҵакыраҿы.