АҞӘА, абҵара 26- Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аԥсҭбарақәа хԥа ҟалеит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа абҵара 25 рзы, ашьыжь, 1970 шықәсазы ииз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит игәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны, иара уи аҽны 78 шықәса ирҭагылаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит. Иара убас абҵара 26 рзы 65 шықәса зхыҵуаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 72-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 62-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 33-ҩык апациентцәа, ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп.
Амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 36-ҩык апациентцәа. 33-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5732-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3661-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 77-ҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>