Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҟны зҽалызкааз аҳамҭақәа ранаршьеит

Аԥсны ашьапылампыл азы XXVII ачемпионат аҟны актәи аҭыԥ агеит аҟәатәи акоманда "Нарҭ", аҩбатәи –гәдоуҭатәи "Риҵа", ахԥатәи – аҟәатәи "Динамо".
Sputnik

АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашьапылампыл азы XXVII ачемпионат аҟны зҽалызкааз астадион "Динамо"аҿы аҳамҭақәа рырҭеит абҵара 26 рзы.

Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҟны зҽалызкааз аҳамҭақәа ранаршьеит

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз ачемпионат алахәылацәа дрыдныҳәалеит.

"Ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп ҳтәыла ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа, ачемпионат амҩаԥгаразы иҟаиҵаз афинанстә цхырааразы. Ишәзеиӷьасшьоит жәларбжьаратәи ақәҿиарақәа, ахьӡ-аԥша", - иҳәеит иара.

Аԥснытәи ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко ашьапылампыласыҩцәа дрыдныҳәалеит, ҭабуп ҳәа реиҳәеит аӡбаҩцәеи аклубқәа рнапхгаҩцәеи атурнир амҩаԥгаразы.

Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҟны зҽалызкааз аҳамҭақәа ранаршьеит

Аиндаҭлара аихшьаалақәа рыла ачемпионат аҿы иреиӷьу амбахьчаҩ ҳәа далкаан Инал Кацуба (акоманда "Нарҭ"), иреиӷьу ахьчаҩ – Асҭан Мықәба (гәдоуҭатәи "Риҵа"), иреиӷьу ахьчаҩбжа – Наур Ҵнариа (аҟәатәи "Нарҭ"), иреиӷьу ажәылаҩ – Леон Ҭаниа (аклуб "Гагра").

Иреиӷьу алегионер ҳәа ихьӡ ҳәан Џьембиле Вилле (аҟәатәи "Динамо"),  асезон иреиӷьу ажәылаҩцәа: "Нарҭ" ахәмарыҩцәа Алан Кәыҵниеи Тимур Агрбеи.

Иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далхын Марат Агрба (аклуб "Риҵа"), ашықәс иреиӷьу ахәмарыҩ –"Динамо" ахәмарыҩ Георги Анџьапариӡе, азыҟаҵаҩцәа рыбжьара далкаан Ҭимур Ахба ("Динамо").

Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҟны зҽалызкааз аҳамҭақәа ранаршьеит

Хаҭалатәи аԥхьахәқәа анырша ашьҭахь амедалқәа ранашьан: "Нарҭ" –ахьы, "Риҵа" – аразны, "Динамо" – аџьаз.

Ацеремониа алахәылацәа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит абҵара 25 рзы зыԥсҭазаара иалҵыз Диего Марадона.