"Амшынеиқәафымцамч" аплан анҭыҵ алашара арцәара зыхҟьо еиҭарҳәеит

Аграфик ҿыц инақәыршәаны абҵара 26 инаркны Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынтәи ҩ-сааҭк рҟынӡа иркьаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы лассы-лассы алашара арцәара зыхҟьо.

"Аграфик анҭыҵ алашара ҳарцәоит афымцаҳақәа рҿы авариақәа аныҟало. Аграфик ала арцәараан ахархәага хадақәа ырцәалатәуп, избанзар алашара аннеиуа аҳақәа аидара иаҵалоит, авариақәагьы ҟалоит",- иҳәеит иара.

Амаининг фермақәа рыдагьы аҳақәа зҵало аидарақәа еиуеиԥшым ҳәа иҳәеит Гагәылиа.

"Амаининг ҟалаанӡагьы аҭагылазаашьа ус иҟан. Ҳәарада, аҳақәа ахьажәхьоу ауп авариақәагьы ахьыҟало", - иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит авариатә рцәарақәа рыдагьы аграфик ала алашара шдырцәало.

Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалан абҵара 15 рзы. Аханатә ҩба-ҩба сааҭ – ҩынтә.

Абҵара 26 инаркны Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынтәи ҩ-сааҭк рҟынӡа иркьаҿуп.

Атәыла афымцамчсистема аидара аҵхра алыршахеит закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуаз аҭыԥқәа раарԥшра. Арҭ ауснагӡатәқәа роуп аиҭакра алшарагьы ҟазҵаз.

Убас Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" абҵара 16-23 рыҩныҵҟала 85 маининг ферма русура ааннакылеит. Ари аамҭала афымцамч иаҿыхын 46 265 киловатт згоз, закәаншьаҭада аҳақәа ирҿаԥшьыз ахархәагақәа.

Ахаша, абҵара 25 рзы акриптавалиута ҟазҵо амаининг хархәагақәа аарԥшын аекономика аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аобиектқәа: Аҟәатәи ачазауад №2, ЗЖБИ-1 (Бзыԥ аҳабла), "Аԥснеихамҩа" (Аҟәа, адепо), ДРСУ №3 (Аҟәа), Аҟәатәи аӡахырҭатә фабрика рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: