Аԥсны АҶА асапиорцәа Кәыдрытәи аиҩхаахь амҩахәҭақәа дырҭбааит

Кәыдрытәи аиҩхааҿы арԥжәаратә усурақәа мҩаԥган Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аҳәарала.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аҳәарала, Аԥсны АҶА аусзуҩцәа анџьныртәи арԥжәагатәи усурақәа мҩаԥыргеит аиҩхаахь уназго ишәарҭоу амҩахәҭақәа рҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Кәыдрытәи аиҩхаахь ицо азеиԥш мҩа ахәҭақәак даара иҭшәан, аныҟәараз ашәарҭара рыҵан ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны АҶА асапиорцәа Кәыдрытәи аиҩхаахь амҩахәҭақәа дырҭбааит

Аԥсны АҶА агәҽанҵара ҟанаҵеит ахьҭақәа аныҟалалак, асы леир асыԥсалеира ашәарҭара шыҟало азы, ашьхамҩақәа рҿы атранспорт хархәагақәа рыла аныҟәараан ргәы рҽанызарц.