Аԥсны даҽа 66-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 206-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 66-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла ахәышәтәырҭақәа рҟны аҿкычымазара зыдбаланы ишьҭаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз ииз даҽа пациентк. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит акоронавирус ицәа иаланы. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит абҵара 27 рзы.

Абҵара 26 рзы аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара акоронавирустә инфекциеи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи иманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 69-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 57-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 39-ҩык апациентцәа. 36-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5798-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3671-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 79-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>