Арадио

Кәыҵниа амультфильм "Кәтаӷьцәа хылԥа" азы: ахәыҷӡақәа рзы, аха адуцәагьы иргәаԥхоит

Асахьаҭыхҩы, амультфильмқәа раԥҵаҩы Асҭамыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсышәала ицәажәо амультфильм ҿыц аԥҵаразы имоу игәҭакқәа ртәы.
Sputnik
Кәыҵниа амультфильм "Кәтаӷьцәа хылԥа" азы: ахәыҷӡақәа рзы, аха адуцәагьы иргәаԥхоит

"Сазхәыцуан ирацәаны асценариақәа, еиуеиԥшым аԥсуа лакәқәеи алегендақәеи. Исҭахуп иаҳа ихәыҷӡақәа ирнаало, убри аан адуцәагьы ахәыԥшыртә еиԥш. Апроект маҷӡам, 20 минуҭ исҭахуп аҟаҵара. Макьана асценариа схала аус адулара саҿуп, аха аԥхьаҟа алшара соур еиҭа асценарист исырбарц сгәы иҭоуп. Шьаҭас изгеит "Кәтаӷьцәа хылԥа" алакә, амала аԥсахрақәа ахьалазгалаз ҟалеит, аперсонаж ҿыцқәагьы алагалахоит, уажәтәи аҿар анахәаԥшлак аинтерес ркыртә еиԥш аус адулара саҿуп. Исҭахуп афырхацәа ашәақәа рҳәо аҟаҵара, ахәыҷқәа амультфильм ианахәаԥшлак ашьҭахь ашәақәа рзаанхартә еиԥш", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: