Арадио

Латариа дазааҭгылеит адинхаҵара иадҳәалоу ауаажәлар ирызцәырҵуа азҵаарақәа ртәы

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥшьаҭыԥ" анапхгаҩы Даур Латариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит адинхаҵара иадҳәалоу ауаажәлар ирызцәырҵуа азҵаарақәа ртәы.
Sputnik
Латариа дазааҭгылеит адинхаҵара иадҳәалоу ауаажәлар ирызцәырҵуа азҵаарақәа ртәы

"Жәытә-натә аахыс аԥсуа ирыман дара рхатә анцәахаҵара. Ҳазшаз даӡәыкуп, аха адинхаҵарақәа еиуеиԥшым, доусу иара итәала дазнеиуеит. Аԥсуаа ақьырсиан атәгьы ныҟәыргоит, амсылман итәгьы ныҟәыргоит, Ажьирахьгьы инеиуеит. Зегьы мҩаԥаҳгоит Ҳазшаз игәы ҟаҳҵарц. Уажәы қьырсианла аҿбаара иҵалоит. Ԥсыуала аныҳәагатә мҩаԥызгар зҭаху изы уи акгьы амам. Ажәытә аԥсуаа ирымаз ачгара, уи ауаҩы даныԥслак акәын, ахаа ықәырҵаанӡа, ашьтәа ршьаанӡа ичгон. Анаҩсан шәарыцара ианцоз, мышкы ҩымш ианычгозгьы иҟан. Ачгарақәеи аҿбаарақәеи зегьы ныҟәаҳго ҳалагар, ҳаԥсуарагьы каҳажьыр акәхоит", - иҳәеит Латариа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: