Резо Кациа: ҭоурыхла, аԥсуаа динхаҵарала ҳшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхҭҵааҩ Резо Кациа
Аҭоурыхҭҵааҩ Резо Кациа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы адин азҵаарақәа знапы иану Резо Кациа далацәажәеит Аԥсны адинхаҵара иахьа ҭагылазаашьас иамоу атәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҭоурыхла, аԥсуаа динхаҵарала ҳшоуп, ақьырсианра здызкыло ыҟоуп, аԥсылманра здызкыло ыҟоуп, егьырҭ адинхаҵарақәа ныҟәызго ыҟоуп, иҳәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы адин азҵаарақәа знапы иану, аҭоурыхҭҵааҩ Резо Кациа.

Резо Кация - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кациа: ашколтә программа адунеи адинқәа рҭоурых алагалазар ахәҭоуп

Тәылақәак рҿы ишыҟарҵаз еиԥш, ашколқәа рҿы адинхаҵара иазку амаҭәар алагалара ахәҭоу иахәҭаму далацәажәо, Резо Кациа иазгәеиҭеит ашколхәыҷқәа иалкааны динк дырҵара шаҭахым, адунеи аҿы иҟоу адинқәа рҭоурых дырҵалазар бзиоуп ҳәа.

"Ас еиԥш иҟоу амаҭәар уаанӡагьы иҟазар цәгьамызт, аха убра иҟоуп зҵаара хәыҷык абри алагамҭа бжьнахыр ҟалоит. Сахьаԥхьо, иахьсаҳауа ала, Урыстәыла аума, даҽаџьара аума џьоукы-џьоукы ирҳәоит динхаҵарак иазкны амаҭәарқәа ашкол иалагалатәуп ҳәа, аха уи сара сақәшаҳаҭӡам. Ауаҩы адинхаҵара иазкны ак исырҵоит ҳәа уанидгыла, аиҳарак уи даныхәыҷу еиуеиԥшым адинқәа рҭоурых идугалозар ауп", — иҳәеит иара.

Ус акәымкәа адинқәа руак ахь дхьаурԥшо уалагар уи иашаӡам ҳәа сахәаԥшуеит, азгәеиҭеит Резо Кациа.

"Тәылақәак ыҟоуп адинхаҵара аҳәынҭқарра еидызкыло, еиқәзырхо ак акәны иҟалоит. Ҿырԥштәыс иааҳгозар Грециа аҭырқәцәа анрықәла ашьҭахь, ирымоу рдинхаҵара – ақьырсианра ала рхы ҭыргарц, убри ала аԥсылманцәа ирҿагыло иалагеит, урҭ рҳәынҭқарра рыхьчарц азы. Урыстәылагьы аҳәынҭқарра аидкылара ҵаҵӷәыс иамаз адинхаҵара ауп", — азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Аԥсны акәзар, адинхаҵара ахаан аҳәынҭқарра еидызкыло мчыс иҟаӡамызт. Ҳҳәынҭқарра уажәраанӡа еиқәзырхо араҟа иқәынхо ажәлар рыԥсадгьы ишазыҟоу, уи ишеиҷаҳауа, ирцәыӡыр ҳәа иахьацәшәо ауп, иҳәеит Резо Кациа иажәа хыркәшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0