Ақьырсиан динхаҵаҩцәа рзы Иаса Қьырса иира иазку ачгара иалагеит

Аиашахаҵаратә қьырсиантә мзар инақәыршәаны Қьырсачгара мҩаԥысуеит 2020 шықәса абҵара 28 инаркны 2021 шықәса ажьырныҳәа 6 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара  28  – Sputnik. Аиашахаҵаратә қьырсиантә мзар инақәыршәаны Қьырсачгара мҩаԥысуеит абҵара 28 инаркны ажьырныҳәа 6 рҟынӡа.

Ачгара 40 мшы  инаӡоит. Қьырсачгара ақьырсиан дунеи аҟны реиҳа аҵакы змақәоу иреиуоу.

Аб Никита: ачгара аамҭазы фатәыла мацарала аҽынкылара азхом

Ари ачгара хацркхеит волхаа Иаса Қьырса ибараҳәа ианнеи инаркны. Уи ҳара ҳера ҟалаанӡа акәын. Қьырсачгара уадаҩӡоуп узҳәом, асабшеи амҽышеи  аԥсыӡ афара ҟалоит, егьырҭ амшқәа рзы  — учгоит.

Иаса Қьырса иира иазку ачгара цонаҵы афатә – ажәтә ала ачгара адагьы ухәыцрақәа раӷәра рҿакра аҵакы дуны ишшьоу, абри аамҭазы иара убасгьы иҟалом аҭаацәара алалара.

Аԥҟарақәа реилагара рацәак агәабзиара зцым ахәыҷқәа риреи аҭаацәаратә проблемақәеи рхылҿиаара алшоит.

Ҩынҩажәамштәи Қьырсачгара мҩаԥысуеит 2020 шықәса абҵара 28 инаркны 2021 шықәса ажьырныҳәа 6 рҟынӡа.

Ихыркәшахоит Қьырсаныҳәа ауха, Аԥснытәи ауахәамақәа зегьы рҟны аныҳәатә нцәаматанеира ду амҩаԥгарала.