Арадио

Ҭарԥҳа Ԥсҳәаа фымцалашарала реиқәыршәаразы: еиԥҟьарада ироуеит

Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо Фатима Ҭарԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит аҿкычымазара COVID-19 ақыҭауаа ԥырхага рнаҭама, аӡын рыҽшазыҟарҵази.
Sputnik
Ҭарԥҳа Ԥсҳәаа фымцалашарала реиқәыршәаразы: еиԥҟьарада ироуеит

"Бзиашәа ақыҭауаа аӡәгьы ари ачымазара ҿкы рмыхьӡацт, ҳацәцап ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Аӡын ақыҭаҟны лассы иааиуеит. Афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала уажәы ҳтәылаҟны иалагалоу аԥҟарақәа (сааҭла афымцалашара арцәара-аред.) уа аҭыԥ рымаӡам. Ақыҭа ахатә фымцатә станциа амоуп, уа алашра рымоуп", - лҳәеит Ҭарԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.