Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭарԥҳа Ԥсҳәы ақыҭа аӡын ишазыҟаҵоу атәы
"Бзиашәа ақыҭауаа аӡәгьы ари ачымазара ҿкы рмыхьӡацт, ҳацәцап ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Аӡын ақыҭаҟны лассы иааиуеит. Афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала уажәы ҳтәылаҟны иалагалоу аԥҟарақәа (сааҭла афымцалашара арцәара-аред.) уа аҭыԥ рымаӡам. Ақыҭа ахатә фымцатә станциа амоуп, уа алашра рымоуп", - лҳәеит Ҭарԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.