Џьапуа еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәыла рқыҭанхамҩатә усҳәарҭақәа русеицура шыҟоу
© Sputnik
"Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ напхгара зиҭоз аделегациеи ҳареи ҳаиԥылара зыхҟьаз ааигәа имҩаԥысыз Аԥсни Урыстәылеи ахадацәа реиқәшәара ауп. Аԥсны аҭагылазаашьа еилкааны, ацхыраара ахьаҳҭаху аусеицура иазкын аилацәажәара. 2018-19 шықәсқәа рзы иҟан апроектқәа Урыстәыла абанкқәа Аԥсны ақыҭанхамҩазы аԥара ззоурыжьыз апроектқәа, игәаҳҭеит аобиектқәа, иҟоуп иргәаԥҳаз иара убас иргәамԥхаз. Урҭ ахьархәразы акәӡам изааз, аиҵахарақәа ыҟазар изыхҟьаз аилкаара, ацхрааразы ауп", - иҳәеит Џьапуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.