Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьапуа Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәа раара иазкны
"Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ напхгара зиҭоз аделегациеи ҳареи ҳаиԥылара зыхҟьаз ааигәа имҩаԥысыз Аԥсни Урыстәылеи ахадацәа реиқәшәара ауп. Аԥсны аҭагылазаашьа еилкааны, ацхыраара ахьаҳҭаху аусеицура иазкын аилацәажәара. 2018-19 шықәсқәа рзы иҟан апроектқәа Урыстәыла абанкқәа Аԥсны ақыҭанхамҩазы аԥара ззоурыжьыз апроектқәа, игәаҳҭеит аобиектқәа, иҟоуп иргәаԥҳаз иара убас иргәамԥхаз. Урҭ ахьархәразы акәӡам изааз, аиҵахарақәа ыҟазар изыхҟьаз аилкаара, ацхрааразы ауп", - иҳәеит Џьапуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.