Аҵара аминистрра ажьырныҳәа 12 рҟынӡа аҵаратә процесс аанкыларазы адҵа ҭнажьит

Аоперштаб абҵара 30 рзтәи адыррала Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 5970-ҩык. Ргәы бзиахахьеит 3845-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит –84-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аслан Бжьаниа иусдҵа №449-рп "Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы" анагӡаразы Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ажьырныҳәа 12 рҟынӡа Аԥсны аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵаратә процесс аанкыларазы адҵа ҭижьит.

Адҵа инақәыршәаны ашколқәраҟынӡатәии абжьарапрофессионалтәи ҵараиурҭақәа налаҵаны аҵаратә процесс нкылахоит. Ашколқәеи аколлеџьқәеи рҟны аурокқәа рымҩаԥгара рабыжьгоуп абарҭ аформақәа руак рыла:

  • Ишиашоу ицо аефир (нас иҭаҩны);
  • Заа иҭаҩу авидеоурокқәа;
  • Латәарадатәи асистема.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 24 рзы аусдҵа инапы аҵеиҩит 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи усҳәарҭақәа русура аанкылазарц.