COVID-19 аан ан лҟынтәи ахәыҷ иахь ацәеижьҿагыларақәа шиасуа атәы аарԥшуп

Уаанӡа Роспотребнадзор аҟны еилыркаахьан адуцәа шракәу ахәыҷқәа авирус рылазгало.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷ 1 - Sputnik. Акоронавирус аан ан лҟынтәи ахәыҷ иахь ацәеижьҿагылақәа ииасыр ауеит гәыԥҳәыхшла акраниҿалҵо, ҳәа лҳәеит Роспотребнадзор ЦНИИ аепидемиологиа аклиника-аналитикатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Наталиа Пшеничнаиа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Роспотребнадзор ахәыҷқәа акоронавирус еиҭарго еиҭарымго шьақәнаргылеит

"SARS-CoV2 IgG,  SARS-CoV2 IgA рахь ацәеижьҿагылақәа аарԥшуп COVID-19 змаз ан лгәыԥҳәыхш аҟны. Акоронавирус аан ан лҟынтәи ахәыҷ иахь ацәеижьҿагылақәа ииасыр ауеит гәыԥҳәыхшла акраниҿалҵо, аха урҭ ирласны иӡуеит, убри азоуп ахәыҷы агәыԥҳәыхш ифонаҵы дзыхьчо", - лҳәоит Пшеничнаиа.

Лара иазгәалҭеит COVID-19 змоу анацәа згәы бзиоу рхәыҷқәа рҟны ацәеижьҿагыла шаадырԥшуа.

Урҭ ацәеижьҿагылақәа ирласны рыӡра ишьақәнарӷәӷәоит дара ан лҟынтәи ахшара иахь ииасыз шракәу, лҳәоит аепидемиолог.