Лиудмила Скорик: асезонтә еимҳәазы алаҵа аиммунитет ланарҟәуам

Аԥсны иахьаҵанакуа асезонтә еимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагеит абҵара 12 рзы. Асанитартә ҳақьым хада иазгәалҭеит алаҵаҟаҵара ашықәс нҵәаанӡа ишымҩаԥысуа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик асезонтә еимҳәазы алаҵа аиммунитет ланарҟәуам лҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо.

Лиудмила Скорик лажәақәа рыла алаҵа аиммунтә система ланарҟәуеит, авирус ашьҭкаара иацхраауеит ҳәа ирҳәо иашам. Аха убри аан иазгәалҭеит  ауаҩы алаҵа ҟаиҵо иҟаимҵо иахьмырԥшыкәа ихы гәеиҭалар шакәу.

Џьапуа аимҳәазы алаҵа иазкны: хымԥада, иҟаҵатәуп

"Алаҵатә иммунитет ашьақәгылараан ухы ухьчалароуп, ауаа рацәа урыламлакәа", - лҳәеит лара.

Ауаҩԥсы ицәеижь асезонтә еимҳәа алаҵа аднакыларц азы ҩымчыбжь аҭахуп.

"Алаҵа аԥхьатәи адозақәа амедицинатә усҳәарҭақәа ирзеихшан амедусзуҩцәа рзы. Асезонтә еимҳәа шәарҭоуп еиҳарак згәабзиара уашәшәыроу, зықәра неихьоу рзы. Ҳара макьаназ алаҵаҟаҵаратә аамҭа ҳамоуп. Аимҳәа аиҳарак ажьырныҳәа анҵәамҭазы ауп ахы анцәырнаго", - лҳәеит Скорик.

Лара иазгәалҭеит алаҵа шхәыдаԥсадоу. Лиудмила Скорик илҳәеит алаҵа шамахамзар анырра шунамҭо.

Скорик иазгәалҭеит алаҵаҟаҵара ашықәс нҵәаанӡа ишымҩаԥысуа.