Лыԥсҭазаара далҵит Пушкин ихьӡ зху амузеи аиҳабы Ирина Антонова

Ирина Антонова Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аус луан 1945 шықәса раахыс.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1- Sputnik. РСФСР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Ирина Антонова 99-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит ҳәа РИА Новости иаанацҳауеит амузеи апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Ирина Александр-иԥҳа лыԥсҭазаара далҵит",- рҳәеит апресс-маҵзураҿы, еиҳа инарҭбааны адырра аофициалтә ҳәамҭаҿы иҟалоит ҳәа азгәаҭаны.

Антонова Пушкин ихьӡ зху амузеи аиҳабыс дыҟан 1961 шықәса инаркны 2013 шықәсанӡа. Лара Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ланашьоуп, Аҳаҭыртә легион аорден ланашьоуп, "Италиатәи Ареспублика аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" аорден акомандор уҳәа жәпакы аҳамҭақәеи ахьӡ ҳаракқәеи ланашьоуп.

Ирина Антонова диит Москва, далгеит Ломоносов ихьӡ зху ауниверситет. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан медеиҳәшьас дыҟан.

1945 шықәсазы амузеи аҿы аусура далагеит, Италиа Аиҭарҿиаратә аамҭа аҟазара ҭылҵаауан.