АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Аԥсны аамҭала иаанартуеит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа ареспубликахь ихынҳәырц. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ашәарҭадаратә маҵзура асаит аҟны.
"Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы ргәабзиара агәаҭаразы амедико-санитартә хылаԥшра иахысроуп. Иара убас ирымазароуп COVID-19 рцәа изалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, Қырҭтәылатәи амедусҳәарҭақәа рҟынтәи, аҳәаа ахысра аамҭазы 72 сааҭ иреиҳамкуа"
Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит абарҭ адокументқәа умазар:
- COVID-19 рцәа изалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, Қырҭтәылатәи амедусҳәарҭақәа рҟынтәи, аҳәаа ахысра аамҭазы 72 сааҭ иреиҳамкуа
- Атәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
- Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
- Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ, ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
- Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
- 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.
Аҵыхәтәан ас агуманитартә коридор аартын нанҳәа 5 инаркны 9-нӡа. Усҟан Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит 500-ҩык инареиҳаны.