Аԥсны Аҵара аминистрреи Белгородтәи атехнологиатә университети аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны Аҵара аминистрреи Белгородтәи атехнологиатә университети рыбжьара аҵара, аҭҵаарадырра, акультура русхк аҟны реинырра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиеи В.Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи атехнологиатә университет адкылара аиҿкаареи анапхгареи ринститут адиректор Сергеи Булгаковы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ԥхынҷкәын 2 рзы.

Сергеи Булгаков иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра ишазыԥхьагәанаҭо Аԥсны Аҵара аминистрреи Белгородтәи атехнологиатә университети рыбжьара аҵара, аҭҵаарадырра, акультура русхк аҟны аинырра.

Аҵара аминистрра ажьырныҳәа 12 рҟынӡа аҵаратә процесс аанкыларазы адҵа ҭнажьит

"Ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы иалыршахоит аолимпиадақәа рылахәра, аҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар ралыԥшааразы, аинформатикеи аматематикеи рзы аҿар  рылшамҭақәа раарԥшразы",- иҳәеит Булгаков.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны анџьныр кадырқәа шаҭаху анхамҩа аиҭашьақәыргыларазы, ареспублика аизҳазыӷьаразы.

Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа Сергеи Булгаков ҭабуп ҳәа иеиҳәеит хаҭала Аԥсныҟа иааразы.

"Ҳаргьы ԥхьаҟатәи аусеицуразы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит", - иҳәеит аминистр.

Ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Москва имҩаԥысуа аматематикеи аинформатикеи рзы аолимпиада аԥснытәи иахьалахәхо.

Аминистр иҳәеит аолимпиада актәи аетап Аԥсны онлаин режим ала ишымҩаԥысуа.

Инал Габлиа иҳәеит Аԥсны Аҵараз аминистрреи В.Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи атехнологиатә университети ԥшьышықәса ҵуеит еиныруеижьҭеи, уи аԥышәагьы хра аманы ахы аанарԥшит ҳәа.