Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла 109 коронавирустә хҭыс ҿыц аарԥшуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6313-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 4257-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 84-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 500-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 109-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 103-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 86-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 24-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 31-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 40-ҩык апациентцәа. 36-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>