Фазиль Искандер иаԥхьахә иаԥсахаз рылаҳәахоит онлаин-режим ала

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиуразы 2020 шықәса рзы 51 рҿиамҭа ықәыргылан. Ажурналист Витали Шариеи, ауаажәларратә усзуҩ Асҭамыр Какалиеи Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә асиа кьаҿ аҿы рыхьӡ арбахеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Фазиль Искандер иаԥхьахә алауреатцәа рыхьӡқәа рылаҳәареи аԥхьахә адипломқәа ранашьареи мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза 10 азы. ПЕН-центр аштаб-квартираҿ ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.

Арсалиаԥҳа Искандер ихьӡ зху ацентр азы: институтк аҳасабала иҟалароуп

Иара иҳәеит акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны ауснагӡатә онлаин–режим ала ишымҩаԥгахо.

"ПЕН-центр аштаб-квартираҿ сҟалоит сара, ажиури ахантәаҩ иҳасабала, Борис Евсеев, нас инаԥхьахо сасцәақәак", - иҳәеит иара.

Ацеремониа алахәылацәа рҽеимардалоит апрограмма Zoom ала ҳәа иҳәеит Евгени Попов. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиуразы 2020 шықәса рзы 51 рҿиамҭа ықәыргылан. Ажурналист Витали Шариеи ауаажәларратә усзуҩ Асҭамыр Какалиеи Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә асиа кьаҿ аҿы рыхьӡ арбахеит.

"Аԥхьахә еиҳа-еиҳа ахьӡ аҽарҭбаауеит. Сынтәа ирацәаҩын аҽалархәра зҭахыз. Иуадаҩын алкаара. Иуадаҩын алауреатцәа ралкаарагьы. Аха, сгәанала иахәҭаз ҳалшеит", - иҳәеит иара.

Арҿиамҭа ахәшьаразы аԥҟара хаданы иҟаз ахаҭабзиара аҳаракыра акәын.

"Иҟало зегь макьана исзаартуам аха иазгәасҭоит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа руаӡәк ихәшьара шыҳараку. Ажиури алахәылацәа зегьы профессионалцәоуп, рус бзианы ирдыруеит. Аӡәгьы ҷыдала далаҳкаандаз ҳәа иҟам", - иҳәеит Попов.

Абҳазоу Фазиль Искандер ипоезиазы: аԥсуа колорит, ҳмилаҭтә ҷыдарақәа, ҳаԥсабара рныԥшуан

Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар иреиӷьыз ралхра еиҳа иуадаҩын алахәылацәа ахьырацәаз азы ҳәа азгәеиҭеит Попов.

"Сибратәи автор ирҿиамҭа шьахәӡан, аха убри аан уи Фазиль Искандер ирҿиамҭақәеи истильи акала ирыдҳәаламызт. Убри азы ари ауаҩ наҟ ҳнаихар акәхеит",- иҳәеит иара.

Иара иҳәеит еиҳа-еиҳа аусумҭақәа Искандер иинтонациеи итематикеи ишырзааигәартәуа.

"Фазиль Искандер иналукааша шәҟәыҩҩуп. Гханы исыԥхьаӡоит Нобель иаԥхьахә ахьимамыз. Даԥсан. Изанаршьахьоу ԥыҭҩык дреиӷьын. Искандер аурыс литература иалеигалеит аԥсуа, кавказтәи аинтонациа. Ҳәарада, Искандер аурыс литература аҳәаақәа ирҭбааит. Иара иҿуҵааша рацәоуп. Анцәа иџьшьоуп иахьа аҿар уи иахьақәшәо", - иҳәеит Попов.

Иара иҳәеит Алитературатә институт аҿы ишахысуа Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа зегьы.

"Зегьы ирдыруеит дшыклассику. Искандер адунеитә класс иаҵанакуа шәҟәыҩҩуп", - иҳәоит Евгени Попов. Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа аҽа авторк ирҿиамҭақәа ишрызидымкыло".

"Фазиль Искандер иааиҩуаз зегьы аӡәы иҟынтә имгеит. Иара ихатәыҵәҟьоуп. Ашәҟәыҩҩы ус дыҟазароуп. Иҟоуп аинтерес змоу авторцәа ҿарацәа – ишьҭрақәлаҩцәа", -иҳәеит Евгени Попов.

Фазиль Искандер иаԥхьахә шьаҭанаркит Урыстәыла ПЕН-центр 2016 шықәса рзы.

2019 шықәса рзы Фазиль Искандер иаԥхьахә алауреатс ихьӡ ҳәан аԥсуа шәҟәыҩҩы Владимир Делба.

Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп ароман "Сандро Чагьамтәи" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа), аепос " Чик ихәыҷра", аповест "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи", аессе-диалог "Урыстәыла иазхәыцуеи америкауаҩи", аповестқәа "Ауаҩи уи икәша-мыкәшеи", "Апоет", "Ауаҩы игыларҭа", "Софичка", ажәабжьқәа "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара", "Алагамҭа" уҳәа егьырҭгьы.

Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегь рахь.