Аҩбатәи ахьӡ: Россотрудничество иофициалым ахьӡ азы аицлабра рыланаҳәоит

Россотрудничество ахьӡ наӡа - ИАР атәылақәа, аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицура русқәа рзы Афедералтә маҵзура.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Россотрудничество аҩбатәи ахьӡ азы аицлабра рыланаҳәоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Россотрудничество Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ацхыраара рнаҭоит

"Россотрудничество аҽа хьӡыкгьы аиуеит, иҟоу аофициалтә хьӡы иацны. Уи зыхҟьо аофициалтә хьӡы апрактикатә усураҿы ахархәара ахьыуадаҩу ауп. Милаҭла иоурысым рзы аҳәара уадаҩуп", - иҳәеит иара.

Аицлабра алахәхаразы азыҳәа анашьҭра ауеит 2021 шықәса ажьырныҳәа 3 инаркны. Иара иаанарԥшуазароуп аҩбатәи ахьӡ авариант аиԥш  аҵаҵӷәыркырагьы. Аӡәы илшоит х-вариантк рҟынӡа анашьҭра. Ажьырныҳәа 20 рзы иалкаахоит еиҳа  ианаало ахьӡқәа жәаба. Абри ашьҭахь ауаажәларратә бжьыҭира  мҩаԥгахоит. Иаиааиз ихьӡ жәабранмзазы ирылаҳәахоит.

Аиааиҩы, аҳәаанырцәтәызар, иоуеит алшара турист ҳасабла Урыстәыла даҭаарц, Урыстәылатәызар – аҳәаанырцә урыстәылатәи аҭҵаарадырреи акультуреи рцентрқәа руак даҭаарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: