Дәрыԥшь ақыҭантәи астанциа маҷ аҿы атрансформатор ҿыц ықәдыргылеит

Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан атрансформатор аԥсахразы аусурақәа ирылаган ԥхынҷкәын 3 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Дәрыԥшь ақыҭантәи астанциа маҷ аҿы атрансформатор ҿыц ақәыргыларазы аусурақәа хыркәшаны агрегат аусура иаладыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион астанциа маҷқәа реиҳабы Алик Габуниа.

"Зегь хиоуп. Асааҭ 13:00 рзы атрансформатор аусура иалаҳаргеит, асааҭ 14:00 рзы ахьанҭара нагӡа иаҵаҳҵеит. Зегь асааҭ аиԥш аус руеит", - иҳәеит иара.

Дәрыԥшьтәи астанциа маҷ фымцалашарала еиқәнаршәоит ақыҭақәа: Дәрыԥшь, Хәаԥ, ахәҭакахь ала Жәандәрыԥшь, Лыхны, Џьырхәа.

Абҵара 19 рзы арахь иааиит ақыҭа ауааԥсыра, астанциа аанкыларазы адҵа ҟаҵо. Алашара лассы-лассы арцәара апроблема рыӡбаанӡа астанциа аанкылазаауеит ҳәа рҳәеит дара.

Ԥхынҷкәын 3 рзы атрансформатор аԥсахразы аусурақәа ирылаган. Ари 10 мегаваттк иҟоу агрегат иалшароуп ауаа рҭахрақәа рынагӡара. Зынӡа Гәдоуҭа араион аҿы аа-станциа маҷк ыҟоуп.