Россотрудничество Урыстәылеи Аԥсни рҭоурых адырразы аицлабра мҩаԥнагоит

Аицлабра мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 7- 21 рзы. Иара иалахәхар рылшоит Аԥсны ашколхәыҷқәа зегьы, 14 - 17 шықәса зхыҵуа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Ареспубликатә ҩыратә еицлабра, Аԥсни Урыстәылеи рҭоурых адырразы "Что я знаю о стране, в которой живу и учусь…" мҩаԥнагараны иҟоуп Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Россотрудничество аурыс бызшәа акурсқәа Аԥсны ирыцнаҵоит

"Аицлабра шыҟало азы адырра рыҭоуп  ареспублика аҵара анапхгараҭарақәа, араионқәа рҿы ҳпартниорцәа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи алахәхара рылшарц азы", - иҳәеит иара.

Аицлабра азҵаарақәа ирыҵаркуеит аԥсуа ҳәынҭқарра ажәытә напхгаҩцәа, аҭоурых культуратә баҟақәа, Аԥсни Урыстәылеи реинырра уҳәа реиԥш иҟақәоу.

Чеха иажәақәа рыла аицлабра мҩаԥысуеит 14-17 шықәса зхыҵуа рзы.

"Акарантинаамҭаз арҵаратә процесс онлаин ахь ианиагоу асеиԥш иҟоу аицлабрақәа аҵак ду рыманы иҟоуп. Ари иназыцҵоу ҵаратә программаны иҟоуп ахәыҷқәа рзы", - иҳәеит Чеха.

Аицлабра ахыркәшараз иалкаахоит аиааиҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: