Аамҭалатәи амаҭәахә ықәдыргылоит амцакра ахьыҟалаз афымцеихшарҭаҟны

Афымцеихшарҭаҟны амцакра ҟалеит ашьыжь асааҭ 5:20, ԥхынҷкәын 5 рзы, уи иахҟьаны Аҟәа агәҭеи, Мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иаштхәа ақыҭеи афымцалашарада иаанхеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5-Sputnik. Афымцеихшарҭа Сухум-1 аҟны аамҭалатәи амаҭәахә ақәыргыларазы аусурақәа цоит, уи иалнаршоит аремонттә-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Афымцеихшарҭаҟны амцакра ҟалеит ашьыжь асааҭ 5:20, ԥхынҷкәын 5 рзы, уи иахҟьаны Аҟәа агәҭеи, Мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи афымцалашарада иаанхеит.

Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ иаҭааит Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озгани, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуеи.

Аамҭалатәи амаҭәахә ықәдыргылоит амцакра ахьыҟалаз афымцеихшарҭаҟны

"Араҟа аремонттә-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа уахи-ҽни имҩаԥыслоит. Авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аамҭа рацәа аҭахуп-ҩымчыбжь. Ари аамҭазы ауааԥсыра афымцалашара рыҭахоит асхема ҿыц ала", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аамҭалатәи амаҭәахә ықәдыргылоит амцакра ахьыҟалаз афымцеихшарҭаҟны