АҞӘА, ԥхынҷкәын 5-Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 442-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 111-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Аоперативтә штаб иаанацҳауеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара дшалҵыз акоронавирус зцәа иалаз 58 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, лыԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 4 рзы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 88-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 34-ҩык апациентцәа, ҩыџьа рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 47-ҩык апациентцәа. 43-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>