Аҟәа ахәҭак ҩаԥхьа фымцалашарада иаанхеит

Ԥхынҷкәын 7 рзы ашьыжь еилкаахеит Аҟәа фымцалашара шеиҭашьақәыргылахаз, ақыҭа Иашҭхәа заҵәык алашара макьана иҟамызт.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7- Sputnik. Аҟәатәи астанциа маҷ аҟны иҟалаз абылра иахҟьаны фымцалашарада иҟаз аҳҭнықалақь араионқәак ҩаԥхьа лашарада итәоуп, иҟоу адыррақәа рыла, алашара ҩсааҭк иҟалом.

"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа руаӡәк излеиҳәаз ала, афымцалашара ааныркылеит астанциа маҷ "Аҟәа 1" аҟны аиҭашьақәыигыларатә усурақәа иахьоыцҵахаз азоуп, уа аусз зуа аусуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадмыргыларц азы.

Астанциа маҷ Аҟәа - 1 аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Аҟәа ақалақь зегьы фымцалашарала еиқәыршәоуп

Амца ахы ыҵнахит 33-тәи афидер (аихшарҭатә цәаҳәа – аз..) "Иашҭхәа " аҿы. Амцакра иахҟьаны иблит 16 фидер, асекциатәқәа ҩбеи алагалатәиқәа ԥшьбеи. Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Ԥхынҷкәын 5 рзы аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы. Абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит аекономикаа министр Кристина Озганԥҳа АУН адиректор хада Михаил Логәуа.

Астанциа маҷ Аҟәа-1 аиҭашьақәыргылара Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа иалан. Амыругақәа аахәан Чебоксарқәа рҿы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ.