Аоперштаб: Аԥсны 108-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6619-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 4845-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 91-ы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 446-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Аоперативтә штаб иаанацҳауеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны рыԥсҭазаара ишалҵыз акоронавирус зцәа иалаз хҩык апациентцәа. 1945 шықәса рзы ииз апациент иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 6 ауха, 1958 шықәса рзы ииз апациент иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 5 рзы, иара убас уаха лыԥсҭазаара далҵит 78 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Амобилтә госпитал аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1938 шықәсазы ииз апациентка, лара иуадаҩны имҩасуаз акоронавирустә инфекциа ҿыц лыдбалан, иара убас уи ада илылаз "иуадаҩны имҩасуаз ҩганктәи аполисегментартә ахәышәтәырҭанҭыҵтә гәыҵәкра" аҽаруадаҩит. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 6 рзы зыҽзырӷәӷәаз агәы-шьадатә зымхара иахҟьаны.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 100-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 85-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 35-ҩык апациентцәа, Гагратә ахәышәтәырҭаҿы - 34-ҩык, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы - 27-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи амобилтә профилрацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 55-ҩык апациентцәа. 52-а рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>