Арадио

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит агазтә наплакы аусура аиҿкааразы ирымоу агәҭакқәа ртәы

Афымцалашара сааҭ-сааҭла арцәареи афымцанхамҩаҟны амашәырқәеи ирыхҟьаны агаз абаллонқәа рхархәара ахьынӡацлаз, урҭ рырҿыцразы иахьазы рылшарақәа шыҟоу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә наплакы "Аҟәагаз" аиҳабы Аслан Кәыҵниа.
Sputnik
Кәыҵниа еиҭеиҳәеит агазтә наплакы аусура аиҿкааразы ирымоу агәҭакқәа ртәы

"Афымцалашара иацу ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ауааԥсыра агаз даҽакала иазнеиуа иалагеит. Ҳазхысыз абҵарамзеи уи аԥхьа иҟази еиҿурԥшыр, ақалақь Аҟәа аҩнуҵҟа мызкала 14-15 тонна агаз ҭиин. Агаз зегьы рхы иадырхәартә ианыҟала, 30-40 тонна рҟынӡа рхы иадырхәартә аҭагылазаашьа ыҟазаарын. Фымцалашарала аиԥҟьара аныҟоу аҭирақәа ирызҳауеит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Иара иазгәеиҭеит агаз ахархәараан ашәарҭадара аԥҟарақәа ииашамкәа ирызныҟәоит ауаажәлар ҳәа, иҳәеит абаллонқәа рырҿыцразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.