Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп

Азакуаншьаҭада зиагара рҭахыз ааҭын аалыҵи автомашьынеи рымхуп, азинеилагаҩцәа рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомашьынатә цәаҳәаҿы аҽазныкгьы иаԥырҟәҟәаан Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ контрабандала аҳәаа ахыгара ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп

Аҳазалхырҭатәи аҳәаахьчаратәи гәаҭараан автомашьына Аԥсны ауаҩԥсы зыԥсҟы икыз HONDA ELYSION аанкылан. Иара агәаҭараан ашәқәа рыԥшьба рыҵаӡах аҿы иаарԥшын 100 ҭоԥк асигарет (1000 пачка (20 000 цыра) асигарет "Continent".

Аԥсны атәылауаҩ аҳазалхратә декларациа хаимырҭәааит. Ианиазҵаауаз иҳәеит аҭаҭын аалыҵ Урыстәыла иҭаку иуак изызгон ҳәа. Убри аан иара идыруан  ари аҩыза ахыԥхьаӡара аҳәаа ахыгара шыҟамлоз.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп

Аалыҵ згоз имхуп, аекспертизахь инашьҭуп. Азинеилагаҩцәа рганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инарықәыршәаны.