Арадио

Паӷәааԥҳа еиҭалҳәеит Баслахә аурокқәа онлаин ишымҩаԥылго

Баслахәтәи абжьаратә школ арҵаҩы Лорена Паӷәааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рмаҭәарқәа рыла онлаин аурокқәа шеиҿыркааз, уи лҵшәас иамоу атәы.
Sputnik
Паӷәааԥҳа еиҭалҳәеит Баслахә аурокқәа онлаин ишымҩаԥылго

"Итрадициатәу аҵареи онлаин ахархәаралеи узеидкылом, аха иахьазы ахәыҷқәа зынӡа ус иаанымхарц, иҳалшозар ҳәа ҳаҽԥаҳшәеит. Ақыҭаҟны аинтернет ҳамоуп, аха зегь рыҩнаҭақәа рахь инарымгацт. Ахәыҷқәа аҩны ианаанха, аҭаацәагьы алшарақәа ирышьҭалеит ус иаанымхарц. Аҭаацәа рҭел аномерқәа еидкыланы, аклассқәа гәыԥла ишаны аурокқәа ҳрылагеит. Ахәыҷқәа ианырзыманшәалоу аамҭа сҽақәсыршәоит, избанзар иҟоуп аҭаацәа рҭел зхы иазырхәо ахәыҷқәа, иҟоуп еиуеиԥшым ауадаҩрақәа", - лҳәеит Паӷәааԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аҵара аминистрраҟынтәи ирыдыргалаз арҵаратә формақәа рҟынтәи рышкол аҟны латәарадатәи асистема иаҳа иалацәажәоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: