Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2021 шықәсазтәи абиуџьет аднакылеит

Аҟәа имҩаԥысуеит 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект Аԥсны Апарламент аҿы алацәажәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахаша, ԥхынҷкәын 9 рзы Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2021 шықәсазтәи абиуџьет аднакылеит.

Абиуџьет ахь ашықәсбжатә лагалақәа рыплан нагӡам

Апроект рыдигалеит Афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Иара иажәақәа рыла апроект ҵаҵӷәыс иамоуп асоциал-економикатә хәшьаратә рбагақәеи COVID-19 атәыла аекономика ианаҭаз аныррақәеи.

Алагалақәа рыла аҳәынҭбиуџьет азеиԥш хышәаҵышәа 10 миллиардки 589 миллион мааҭ ыҟоуп. Аныхрақәа рыла –10 миллиардки 713 миллион маа-. Абиуџьеттә дефицит иартәеит 123 миллион мааҭ.

2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш хышәаҵышәа –8 миллиардки 502 миллион мааҭ ыҟоуп, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара – х-миллиардки 949 миллион мааҭ абрахь иналаҵаны.

Ареспубликатә биуџьет азеиԥш ныхрақәа идыртәоит 8 миллиардки 625 миллион мааҭ. Адефицит 123 миллион мааҭ ыҟоуп.

Владимир Делба иазгәеиҭеит 2021 шықәсазтәи абиуџьет ишазыԥхьагәанаҭо абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхрагьы.

Хаз иго ныхрақәаны иазыԥхьагәаҭоуп апрограмматә уснагӡатәқәа: агроааглыхратә комплекс, агәабзиарахьчара, аҭаацәара қәыԥшқәа рынхарҭа аиӷьтәра.

Афинансқәа рминистр иазгәеиҭеит 2021 шықәса абиуџьеттә усхк азы ишыуадаҩхо.

Абиуџьет аусзуҩцәа ркатегориақәак руалафахәы аицԥаразоужьра аҿҳәара иацҵоуп

Адепутат Натали Смырԥҳа илҳәеит абиуџьет апроект инарҭбааны ишалацәажәаз абиуџьет азы апарламенттә еилакы аҿы. Лара лгәаанагарала апроект иҵоураны иамоуп абиуџьетбжьаратә трансфертқәа хкы-хкыла реихшара.

Уажәшьҭарнахыс иҟоуп асубсидиа астатиеи адотациа астатиеи ҳәа лҳәеит лара.

"Асубсидиақәа аулафахәы иазырхахоит, адотациақәа – араионқәа рҭахрақәа", - лҳәеит лара.

Натали Смырԥҳа лажәақәа рыла 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аизырҳара ҟазҵо Урыстәыла афинанстә цхыраароуп. Иара убри аан ахатә лагалақәа акризис иахҟьаны еиҵахоит.

Аремонт-ргыларатә усурақәа ирзоужьуп 100 миллион мааҭ. Натали Смырԥҳа илҳәеит аҭахра 600 миллион мааҭ шыҟоу аха аргылаҩцәа рҿаԥхьа ауалқәа шыҟоу. Абжьаратә наплакреи анаплакра маҷи ирзырхоуп 50 миллион мааҭ. Адепутат лгәаанагарала ари азхоны иҟам.

"Ари акгьы иахәаӡом. Сгәанала иацҵатәуп. Убри аан ауааԥсыра коронавирустә инфекциа рацәыхьчара иазоужьхоит 40 миллион мааҭ. Аригьы маҷуп. Иҟалап аҩбатәи аԥхьараан ԥсахрақәак ҳзыҟаҵар", - лҳәеит Смырԥҳа.

Апроект аҿы иарбам ихьыԥшым АИХқәа рыцхыраара. Натали Смырԥҳа лгәаанагарала аҩбатәи аԥхьараан ари астатиа азыԥхьагәаҭатәуп.

Адепутат лколлегацәа ирабжьылгеит 2021 шықәсатәи азакәан апроект иадгыларц. Апарламентарицәа реиҳараҩык актәи аԥхьарала азакәан апроект рыдыркыларц рыбжьы рҭиит.