Урыстәыла ашколқәа рҟны 2022 шықәсанӡа аԥкрақәа ирыцырҵоит COVID-19 иахырҟьаны

Роспотребнадзор ԥхынгәымзазы иазнархиеит апандемиа аамҭаазы азеиԥшҵаратәи асоциалтә аобиектқәеи русура ҳәаақәызҵо ақәҵара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Роспотребнадзор Урыстәыла ашколқәа рҟны 2022 шықәсанӡа аԥкрақәа ирыцнаҵоит COVID-19 иахырҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри азы Урыстәыла  асанитартә ҳақьым хада Анна Попова лнапы зҵалҩыз ақәҵара атекст кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.

Урыстәыла ашколқәа рҟны 2022 шықәсанӡа аԥкрақәа ирыцҵахар ҟалоит COVID-19 иахырҟьаны

"Урыстәыла  асанитартә ҳақьым хада лнапы зҵалҩыз ақәҵара (30.06.2020ш.) апункт 3... ажәа "ажьырныҳәа 1, 2021 шықәсанӡа" ԥсахзааит ажәа "ажьырныҳәа 1, 2022 шықәсанӡа" ала", - аҳәоит адокумент аҿы.

Роспотребнадзор ԥхынгәымзазы иазнархиеит апандемиа аамҭаазы азеиԥшҵаратәи асоциалтә аобиектқәеи русура ҳәаақәызҵо ақәҵара.

Аԥҟарақәа инарықәыршәаны азин ыҟам амассатә гәыԥтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, арҵаратә мшеихша шьақәыргылахалароуп ахәыҷқәа реинырра маҷхартә (класс-цыԥхьаӡа акабинетқәа рзалхны).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: