Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла 109 коронавирустә хҭыс ҿыц аарԥшуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6924-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5096-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 93-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 457-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 109-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 58 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 14 рзы акоронавирустә инфекциа ҿыц ицәа иаланы, ҩганкьәи аполисегментартә гәыҵәкра иманы. Агоспиталь аҟны иара иақәнагоз ахәышәтәра дшахысуазгьы, иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 9 рзы ахәылбыҽха.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 93-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 84-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 22-џьа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ы пациент.

Аҟәатәи амобилтә профилрацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 51-ы пациент. 48-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>