Ауаҩшьреи ақәылареи рзы изышьҭаз Тҟәарчал ауаҩԥсы даанкылоуп

Ауаҩы дызшьыз, арҳәра ҟазҵаз ахаҵа ишьҭан 2010 шықәса жьҭаара 14 раахыс. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Очамчыра араион апрокуратура.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Ауаҩшьреи ақәылареи рзы изышьҭаз Тҟәарчал ауаҩԥсы Вахтанг Џьынџьал даанкылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Ашьаус аматериалқәа инарықәыршәаны, 2010 шықәса жьҭаара 6, асааҭ 06:00 рзы бџьарла еибыҭаз Вахтанг Џьынџьали Аркади Каҷабааи заанаҵы еицәажәаны автомашьына "Газель" ала ицоз Селим-оӷлыраа ирықәлеит.

Изқәылаз аҿагылара ҟарҵеит. Џьынџьал атапанча "Макаров" ала бжьынтә амашьына асалон дҭахысит. Аӡәы дишьит. Ақәылара зуз аҭыԥ аҟынтәи ибналеит.

Абри ахҭыс аганахьала ашьаус хацыркын.

Џьынџьал иаанкылара мҩаԥыргеит Тҟәарчал араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа иаҵанакуа СОБР аусзуҩцәеи. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Очамчыра араион апрокуратура.