Арадио

Арсалиаԥҳа Ҭемыр Ҟаитан изы: згьама ҳаракыз, зықалақь аҭоурых здыруаз асахьаҭыхыҩ дҳаԥхеит

Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы дылгәалалыршәеит зыԥсҭазаара иалҵыз асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан.
Sputnik

Аҟәа асахьаҭыхыҩ хада, Аԥсны аҳҭнықалақь агерб автор, Аԥсны Абанк иҭнажьыз агәалашәаратә монетақәа жәпакы равтор, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ҭемыр Ҟаитан 59 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Арсалиаԥҳа Ҭемыр Ҟаитан изы: згьама ҳаракыз, зықалақь аҭоурых здыруаз асахьаҭыхыҩ дҳаԥхеит

"Ақалакь даара бзиа избоз, аҭоурых здыруаз ауаҩы даҳцәыӡит. Иуадаҩуп иахьа иҟам аӡәы иаҳасабала иӡбахә аҳәара, аха Ҭемыр иаанижьит ирҿиаратә ҭынха, даара азҿлымҳара зуҭаша иусумҭақәа. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ихатә цәыргақәҵақәа ҟамлазаргьы, иара сахьаҭыхҩык иаҳасабала ган рацәала абаҩхатәра илан. Аҳҭнықалакь асахьаҭыхыҩ хадас даман. Ақалақь аҟны игылоу абаҟақәа, аҩнқәа рҭоурых иҭҵааны идыруан. Урҭ рҟны џьара еиҭакрақәак ҟаҵатәызар, иара ҿырԥшыс иааигон европатәи ақалақьқәа реиҿкаашьа. Даара згьама ҳаракыз сахьаҭыхҩын", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан хаҭалатәи ицәыргақәҵақәа маҷын, ихы иадиҵоз рацәан, хаҭабзиара ҳаракыла аусумҭақәа раԥҵара дашьҭан ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: