Аԥсни Никарагуеи ԥшь-хырхарҭак рзы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит

Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса цәыббра 2 рзы, шықәсык ааҵуаны атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсни Никарагуеи ԥшь-хырхарҭак: акультура, ақыҭанхамҩа, аҵара, аспорт русхкқәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Аԥсни Никарагуеи русеицура дырҭбаауеит

Аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи рҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра иҷыдоуи азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Ареспублика Никарагуа иҷыдоуи азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Иоска Кальдерони.

Ӷәаџьаа иазгәеиҭеит, Аԥсни Никарагуеи абарҭ аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны рхахьы иргаз ахыдҵақәа хымԥада ишрықәныҟәо. Иара иҳәеит Аԥсны ажәлар ахаангьы ахә ҳаракны ишыршьо ареспублика ахьыԥшымра Никарагуа иахьазханаҵаз.

Иоска Кальдерон илҳәеит асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рҟны еиҳа иҳараку аҩаӡара ҟазҵо шьаҿаны ишыҟоу.

Аԥснытәи аделегациа раԥхьаӡа акәны Никарагуа иаҭааит 2010 шықәса рзы. Аделегациа ахадараҿы дыҟан Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь. Аԥсни Никарагуеи рхадацәа усҟан Манагуа ақалақь аҿы еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит.

Арахь иаҵанакуан аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны Амилаҭтә банки Никарагуа абанк хадеи рыбжьара Амеморандум, ахәаахәҭра-економикатә усеицуразы, аҳауатә еимадаразы аиқәшаҳаҭрақәа.

Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса цәыббра 2 рзы, шықәсык ааҵуаны атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.