АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраара ҟанаҵеит 78 шықәса раԥхьа Керчи Феодосиеи рзы аибашьраан иҭахаз Ҭимур Бганба иуацәа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Ҭимур Бганба политрурк еиҳабыс дыҟан, аибашьрахь дцеит 1941 шықәса рзы. Аибашьра ашьҭахь иҭаацәа адырра роуит хабарда дыбжьаӡит ҳәа. Акраамҭа ихабар аилкаара ишашьҭазгьы лҵшәа ҟамлеит.
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" иҟанаҵаз аилкаарала Бганба Керчи Феодосиеи рзы аибашьраан дҭахеит 1942 шықәса лаҵарамзазы.
Аԥсны ААР аусзуҩцәа ишьақәдыргылеит Аҟәа дшынхоз аибашьҩы иашьа иԥа– Заур Бганба. Иара изынханы имоуп иаб иашьа аибашьарҟынтәи иан илзааиҭиз ифотосахьа. Уи иацыз асалам шәҟәы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иӡит.
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" иалнаршахьеит Аԥснынтәи аибашьра иалаӡыз рҭаацәарақәа 230 рыԥшаара. Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар инапынҵала ареспублика араионқәа зегьы рҿы ацуҭа милициа Аибашьра ду аан хабарда ибжьаӡыз рсиақәа ргәаҭара иаҿуп, рыуацәеи рҭынхацәеи шьақәдыргылоит.
Азеиԥштәылауаҩтә ԥшьгамҭа "Ахьӡ архынҳәра" анемец фашист концлагерқәа рҿы иҭахаз рыԥшаара иазырхоуп, ацхыраара рнаҭоит зыуа-зҭахы рыԥшаара иашьҭоу. Апроект амҩаԥгара иалахәуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра.