Аԥсны уаҩ дызхым акаҳуажәырҭа асахьа жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿы аиааира агеит

Британиатәи агеографиатә еилазаара имҩаԥнаго Жәларбжьаратәи аиндаҭлара Earth Photo 2020 шықәсазы аиааиҩцәа рыӡбахә аҳәеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аиндаҭлараҿы аиааира згаз ҳәа еицҿакны иалыркааит афотоҭыхыҩ Џьонатан Хименес иҭыхымҭа. Иара адунеи зегьы аҿы уаҩ дызхым ахыбрақәа рсахьа ҭихуеит ҳәа аҳәоит аиндаҭлара асаит аҿы.

Иара иҭыхымҭа, Аԥсны, Пицунда ихуаадоу акаҳуажәырҭа асахьа жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿы аиааира агеит, аԥсабара уаҩ инапы згу аргыларақәа шампыҵанахало аарԥшуа.

Џьонатан Хименес, Jonk ҳәа изышьҭоу ихала афотоҭыхра иҵеит. 2018 шықәса рзы икьыԥхьит аизга "Хроники современных руин". Аизга иазҵаара хадоу Адгьыл аҿы ауаа ҭыԥс иааныркыло аилкаареи урҭи аԥсабареи реизыҟазаашьеи ауп.

Италиатәи акинорежиссиорцәа Аԥсны иазку адокументалтә фильм ҭырхит

Акатегориа "Зҽызыԥсахуа аҵла" аҟны аиааира згаз асахьаҿ иҭыхуп афотоҭыхыҩ Чарльз Кселот абнатә былра ашьҭахь ҩышықәса ааҵуаны зсахьа ҭихыз аҵла.

Аӡхыҵраан Венециа иаҭаз атурист ифотосахьа аиааира агеит акатегориа "Аҳауа аҽаԥсахуеит" аҿы. Автор Џьо Хабба.

Акатегориа "Аԥсабара" аҿы далкаахеит британиатәи афотоҭыхыҩ И Сун. Аҭыхымҭа ҟаҵоуп Испаниа, Арагон 900 метра иҩацәхыкны.

Акатегориа "Ауаа" аҿы аиааира агеит Ианжун Го Китаи, ашьха Далиан иҟаиҵаз аҭыхымҭа.