"Ишәарҭам ақалақь", аҵара азҵаарақәеи: Бжьаниа Москва аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа амҩа дықәлеит ԥхынҷкәын 9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Москва аиҳабыра аминистр, Москва адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент аиҳабы Сергеи Черемины аџьынџьуаа рзы Москва Аҩны адиректор Петр Гладковы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит

Аиԥылараан ирылацәажәан Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Шәача абҵара 12 рзы иззеиқәшаҳаҭхаз Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.

Аганқәа азааҭгылеит апрограмма "Ишәарҭам ақалақь" аԥышәа ахархәара. Апрограмма ахархәара амоуп Москва, иара иахықәкы хадоуп ауааԥсыра анагӡаратә мчра агәра рго рыҟаҵара алыршара. Апроект комплекстә информациатә системоуп, ауаажәларратә транспорт асистема аиӷьтәра иазырхоуп.

Аиԥылараҿы ишьҭыхын азҵаара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсԥны инхо Урыстәыла атәылауаа рзы Аԥсны хырхарҭарацәалатәи ацентр аартра, ирҭахны иҟоу адокументқәа реиқәыршәара армариаразы.

Ахада иара убасгьы Москва аиҳабыра рхаҭарнакцәа драцәажәеит аԥсуа ҟазауаа арҵаратә программа "Москватәи аҵара" ҭырҵаарц азы.

Иазааҭгылан 2021 шықәса ааԥынразы Москва Амш Аԥсны аҩаԥгара азҵаара.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Москва аиҳабыра аминистр, Москва адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент аиҳабы Сергеи Черемины аџьынџьуаа рзы Москва Аҩны адиректор Петр Гладковы.

"Ишәарҭам ақалақь", аҵара азҵаарақәеи: Бжьаниа Москва аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Ҩ-ганктәи аусеицура шьаҭаны иамоуп шәкы инареиҳаны аиқәшаҳаҭра-зинтә шәҟәқәа, 2008 шықәса цәыббра 17 рзтәи аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса абҵара 24 рзтәи аиҩызареи астратегиатә цхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи налаҵаны.