Хаҵеи ԥҳәыси Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара рҽазыршәон

Иаанкылаз Урыстәыла атәылауаа анаркотикатә маҭәашьар еихша-еихшаны Аԥсны аҵакыраҿы аҭира иазырхианы ирыман.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Хаҵеи ԥҳәыси Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара рҽазыршәон ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

Шәача ақалақь анаркотикқәа ирҿагыланы ақәԥаразы амаҵзура аҟәша аусзуҩцәеи Урыстәыла ААР Шәачатәи амаҵзура аусзуҩцәеи аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иааныркылеит Урыстәылантәи Аԥсныҟа зхы хаз амашьына.

Агәаҭара амҩаԥгараан машьынала имҩасуаз аԥҳәыс ҵаҟатәи лцәамаҭәаҿы илыдбалан амаҭәашьар "Лирика". Иара аилазаара иалоуп прегабалин, ЕАЕС аҳазалхырҭатә ҳәаақәа рхыгара ззыҟам амаҭәашьар. Абри ашьҭахь аԥҳәыс лҿы лықәшаҳаҭхеит анаркотикқәагьы шлымаз азы. Ицәырылгеит аилаҳәара. Афизика-химиатә ҭҵаара иаанарԥшит анаркотик "героин" шакәыз, 110,89 грамм ишыҟаз.

Анаркотикқәа 233 еилаҳәара иргәылаҵәахын. Иаанкылаз ауаа анаркотикқәа Аԥсны рыҭира рыгәҭакын.

Хаҵеи ԥҳәыси Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара рҽазыршәон

Абри ахҭыс аганахьала ашьаус хацыркуп. Анаркотикқәа мҩанызгоз аанкылоуп. Дара жәашықәса инаркны ҩажәа шықәсанӡа аҭакра рықәшәар ҟалоит.