"Абуиџьеҭ анышьақәҳаргыла аекономика аминистрраҟнытә иҳауа ахыԥхьаӡарақәа ирҿырԥшны, анализ рзуны ишьақәҳаргылоит. Есышықәса атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлоит, убри аҟнытә инаҳхраны иҟоугьы еиҳа еиҳахоит 2021 шықәса рзы. Уи иаанагаӡом атәанчахәы хазы игоу акатегориақәа рҿы иацлоит ҳәа, аиашазы, макьана ус еиԥш алшара ҳамам. Уажәы атәанчахәы ҳагхан ашәара ҳаҿуп, раԥхьа иргыланы абри аҭагылазаашьа ҳариашар ҳҭахуп. Уи зыхҟьазгьы, ари ачымазара аамҭазы иаркыз анаплакқәеи аилакқәеи рацәахеит. Ауаа ианаамҭаз ауалафахәы роуамызт, уи афонд абиуџьеҭ ахарҭәаара ианымԥшыр залымшеит. Иара убас ашәахәтәқәа рҟнытә иаушьҭын еиуеиԥшым анаплакқәа, уигьы ҳусура ианыԥшит. 2020 шықәса абуиџеҭ анеиқәҳаршәоз ачымазара ҟалоит ҳәа аӡәгьы издыруамызт, иҵәахны афонд аизгақәа амамызт, убри аҟнытә ари аамҭа атәанчаратә фонд азы даара иуадаҩхеит", – еиҭеиҳәеит Гәылариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Чамагәуа еиҭеиҳәеит "Адемографиа арҿиара - 2020" апрограммала аԥарашәара шымҩаԥысуа
Бараҭелиа ашәахтә аҭышәныртәаларазы аԥсахрақәа ирызкны: араионқәа рзы акраҵанакуеит
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2021 шықәсазтәи абиуџьет аднакылеит