"Москва Аҩны" Ԥсҳәы ақыҭазы амедицинатә хархәагақәа нанашьҭит

Ииасыз ашықәс азы "Москва Аҩны" агуманитартә цхыраара анаҭахьан Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь хада.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" Аҟәа араион, Ԥсҳәы ақыҭа  аҭыԥантәи амбулаториаз амедицинатә хархәагақәа нанашьҭит ҳәа аанацҳауеит "Москва Аҩны" апресс-маҵзура.

Уахь инашьҭын амеханикатә кресло-колиаскақәа, ателескоптә костыльқәа, аҭаныҟәагақәа, иҷыдоу агәабанқәа, ашьақәыӷәӷәарашәагақәа, ашьаҿы ашьақар агәаҭагақәа.

Акциа мҩаԥган ауаажәларратә еиҿкаара "Союз граждан России" ацхыраарала.

Асеиԥш ацхыраара есышықәса имҩаԥырго акциоуп. Убас, ииасыз ашықәс азы "Москва Аҩны" агуманитартә цхыраара анаҭахьан Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь хада.

Ԥсҳәы – Аԥсны ашьха қыҭақәа ируакуп. 760 метра амшын ааҩаӡараҟынтә иҳаракуп.